АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аԥшыхәцәа ашьхараҟны, аҽазыҟаҵарҭа Ҵабал аҿы "аӷа" даԥырырхит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аԥшыхәцәа "аӷа" игыларҭа рыԥшааит ашьха, абнараҿы, акоординатқәа рҩызцәа ирзынарышьҭит.
Анаҩс имҩаԥган "аӷа" илагер ампыҵахалара. Убри аан ахархәара рыҭан аимадаратәи анапхгараҭаратәи хархәагақәа, акомплекс "Стрелец" назлоу.
Аибашьратә ҭагылазаашьа аиԥшра аԥҵаразы ахархәара рыман аимитациатә бџьарқәа.