Аԥсны

Аԥснытәи акаратистцәа аԥхьахә ҭыԥқәа 19 ргеит Ростовтәи аобласт аҿы имҩаԥысуаз аицлабраҿы

Аицлабрақәа мҩаԥган жьҭаара 14 азы Ростов-на-Дону, ирылахәын 200-ҩык рҟынӡа акаратистцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥснытәи акаратистцәа аԥхьахә ҭыԥқәа 19 ргеит Ростовтәи аобласт аҿы имҩаԥысуаз карате кекусинкаи аицлабраҿы, абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Иара убри амш азы имҩаԥысуан иаарту афестиваль " Дон апатриотцәа" 6-7, 8-9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара.
Кумитеи кати аицлабра рхы аладырхәит 210-ҩык аспортсменцәа: Ростов-на-Дону, Новошахтинск, Зеленоград, Батаиск, Азов, Миллерово, Черкесск, Агәыӡерақәа ркомандақәа ааба рҟынтә.
"Кумите азы аицлабраҿы аԥснытәи акомандаҟынтә иалахәын 22 спортсмен, 6 - 17 лшықәса зхыҵуаз.
Аихшьаалақәа инарықәыршәаны 19-ҩык ҳаспортсменцәа аԥыжәаратә ҭыԥқәа ныркылеит: 10 спортсменк – актәи аҭыԥқәа, 5-ҩык – аҩбатәи аҭыԥқәа, 4-ҩык – ахԥатәи аҭыԥқәа", - иҳәеит карате кекусинкаи Аԥснытәи Афедерациа ахада, азыҟаҵа. Витали Чытанаа.
Актәи аҭыԥ ныркылеит: Самира Адлеиԥҳа, Малика Зыхәԥҳа, Левон Ходжикан, Далмат Чагәаа, Руслан Карапетан, Рада Харчлааԥҳа, Руслан Кандакчан, Александра Павлова, Елина Глушкова, Дарина Соиа.
Аҩбатәи аҭыԥқәа ныркылеит: Давид Аџьынџьал, Арианна Мартиросиан, Марианна Миносиан, Аманда Зетлиан, Леонель Дунамалиан.
Ахԥатәи аҭыԥқәа ныркылеит: Арсен Чакучиан, Аделетти Мула Хасан Оглы, Викториа Кандакчан, Иури Карапетиан.
Аԥсны
Аԥкьаҭмпыл асразы атурнир "Афедерациа ахраҿа" мҩаԥысит Гагра