АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аконтржәылараан Киев ацәыӡ дуқәа амоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Пекинҟа инеира аламҭалаз Китаитәи ателехәаԥшра иеиҭаз аинтервиу аҟны.
"Украина аконтржәылара иалагеит рашәара 4 рзы. Ацәыӡқәа рацәаӡоуп. Арахь ажәылара лҵшәа дук амам. Еиҿырԥшрыла 1:8 реиԥш", - иҳәеит иара.
Путин иазгәеиҭеит аимак зырӷыӷкыз Вашингтон Украина НАТО иалаҵатәуп ҳәа ахьаӡбаз ауп, уи атәыла ахьыԥшымра адекларациа аԥҟарақәа ишрықәымшәозгьы.
2014 шықәсазы аибашьра ахы акит. 2022 шықәса жәабран 24 азы излагаз арратә операциа ҷыда иаанагоз еибашьраӡам, аибашьра аанкылароуп ҳәа иҳәеит иара.
Аимак еиҿцәажәарыла ахыркәшара залшом избанзар Украина ахада аиҿцәажәара алызмыршо адекрет инапы аҵеиҩит, уи аԥыхтәуп иҳәеит Владимир Путин.
"Изламҩаԥугои аиҿцәажәара аганқәа руак уи рҭахымзар, ишырҭахым азы адокумент ҭрыжьзар", - иҳәеит иара.