Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путин Киев аконтржәылараан ацәыӡқәа дрылацәажәеит

© Sputnik / POOL/Владимир Смирнов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин посетил космодром Восточный и встретился с лидером КНДР Ким Чен Ыном
Президент РФ В. Путин посетил космодром Восточный и встретился с лидером КНДР Ким Чен Ыном - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2023
Анапаҵаҩра
Украина аконтржәылара иалагеит рашәара 4 рзы. Ажәылара иалахәуп НАТО аинструкторцәа иазыҟарҵаз абригадақәа мраҭашәаратәи абџьар рыманы.
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аконтржәылараан Киев ацәыӡ дуқәа амоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Пекинҟа инеира аламҭалаз Китаитәи ателехәаԥшра иеиҭаз аинтервиу аҟны.

"Украина аконтржәылара иалагеит рашәара 4 рзы. Ацәыӡқәа рацәаӡоуп. Арахь ажәылара лҵшәа дук амам. Еиҿырԥшрыла 1:8 реиԥш", - иҳәеит иара.

Путин иазгәеиҭеит аимак зырӷыӷкыз Вашингтон Украина НАТО иалаҵатәуп ҳәа ахьаӡбаз ауп, уи атәыла ахьыԥшымра адекларациа аԥҟарақәа ишрықәымшәозгьы.
2014 шықәсазы аибашьра ахы акит. 2022 шықәса жәабран 24 азы излагаз арратә операциа ҷыда иаанагоз еибашьраӡам, аибашьра аанкылароуп ҳәа иҳәеит иара.
Аимак еиҿцәажәарыла ахыркәшара залшом избанзар Украина ахада аиҿцәажәара алызмыршо адекрет инапы аҵеиҩит, уи аԥыхтәуп иҳәеит Владимир Путин.
"Изламҩаԥугои аиҿцәажәара аганқәа руак уи рҭахымзар, ишырҭахым азы адокумент ҭрыжьзар", - иҳәеит иара.
Подготовка экипажей танков Т-90 Прорыв - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Днепр аеродром аҟны итәаз украинатәи аимадаҩцәа ҭадырхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0