Аԥсны

Аԥсны амармалташь пты ахыԥхьаӡара рацәахеит

Амармалташь пты Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала иқәнагалеит быжьбаҟа шықәса раԥхьа. Аиҳарак дара аԥхасҭа рырҭоит ашәырқәа, аргәыцқәа, иҟалоит ауҭраҭыхгьы иаԥырхагахар.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Аԥсны амармалташь пты ахыԥхьаӡара рацәахеит аҳауатә ҭагылазаашьа инамаданы ҳәа иҳәеит арадио Sputnik апрограмма "Атәылауаҩи аиҳабыреи" аинтервиу азҭаз Ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчаразы амаҵзура ахада Владимир Гьериа.
"Амармалташь пты ушьҭа Аԥсны ишыҟоу иҟазаауеит. Иарбанзаалак амаҵақәа реиԥш аптгьы аԥсабаратә нырра аиуеит. Сынтәа ашоура ӷәӷәа зҵаз аҳауатә ҭагылазаашьа апты ахыԥхьаӡара аррацәеит", - иҳәеит иара.
Аҟазауаҩ иазгәеиҭеит амаҵа злашьақәгылоу аморфологиа иабзоураны аӡын аҽахьаҵәахыша ишашьҭало.
"Мызқәак апты аҽаҵәахлоит, уаҩы иԥырхагам. Уажәшьҭа иара ааԥыни аԥхын алагамҭеи рзеиԥш ашәырқәа ирԥырхагам, иара иахықәкы хадоу - аӡынра иаӷьхыҵысыша ауп", - ҳәа иҳәеит Гьериа.
Гьериа иажәақәа рыла быжьба-ааба мшы апты аҭыԥ ԥхаррақәа ирышьҭазаауеит, нас уаҩы имбо аҽаҵәахуеит. Апты ахыԥхьаӡара ахьырацәахаз џьашьатәӡам. Уи аизгареи анырҵәареи акраҵанакуеит ақыҭанхамҩатә культурақәа рыхьчаразы.
"Уажәтәи аамҭазы ахимиа ахархәара ҵакыдоуп", - ҳәа азгәеиҭоит аҟазауаҩ.
Аԥсны
Бзыԥтәи аиҩхааҿы амцаԥшьхәаҷа аҿагыларазы аметодика ҿыц рхы иадырхәеит
Амармалташь пты Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала иқәнагалеит быжьбаҟа шықәса раԥхьа. Аиҳарак дара аԥхасҭа рырҭоит ашәырқәа, аргәыцқәа, иҟалоит ауҭраҭыхгьы иаԥырхагахар. Иара убасгьы абыӷь ҿа рфоит.