Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бзыԥтәи аиҩхааҿы амцаԥшьхәаҷа аҿагыларазы аметодика ҿыц рхы иадырхәеит

© Foto / Михаил Кирия Новую методику борьбы с самшитовой огневкой применили в Бзыбском ущелье
Новую методику борьбы с самшитовой огневкой применили в Бзыбском ущелье - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2023
Анапаҵаҩра
Амцаԥшьхәаҷа иҵнарҩааз ашыц аиҭашьақәгылара ишалагаз убартә иҟалеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Амцаԥшьхәаҷа ақәгараз ихәарҭаны ишьоу алашаратә цәҟьақәа Бзыԥтәи аиҩхааҿы идыргылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа аинститут аетимологиеи аинвазиатә хкқәеи рлабораториа аиҳабы Михаил Қриа.
Иара иҳәеит Аексперименталтә методика аинститут, Аԥсны аекологиаз аилак, ЕАР афатәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара аофиси ишеицымҩаԥырго.
"Бзыԥтәи аиҩхааҿы акраамҭа аферомонтә цәҟьақәа ракәын иҳаргылоз. Уажәазы иҳаӡбеит ЕАР афатәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара аофис аекспертцәа рыцхыраарала ҿыцрак алаҳгаларц. Иазгәаҭан Ҭырқәтәыла амцаԥшьхәаҷа анырҵәараҿы аԥышәа ду шамаз", - иҳәеит Қриа.
Иара иажәаәқа рыла, алашаратә цәҟьарақәа рыбзоурала иалшоит ахәаҷа ахьыҟоу аилкаара адагьы иара ақәхра. Ахәаҷақәа алашара иадеизалоит, нас ацәҟьа иҭаԥсуеит. Уажәазы Бзыԥтәи аиҩхааҿы 35 феромонтә цәҟьа ргылоуп. Ҩымчыбжь рахь знык игәарҭоит. Алашаратә цәҟьақәа мызкы ашьҭахь игәарҭараны иҟоуп. Урҭ абнара иахьаҵанакуа иқәыргылоуп.
"Алашаратә цәҟьа хәарҭоуп ахәаҷа хыԥхьаӡара рацәала ианыԥыруа. Ԥхынгәымзазоуп аиҳарак дара анырацәахо. Мышқәак раԥхьа иаабеит ахәаҷа ахәацқәа. Бжьаратәла хԥа-ԥшьба мчыбжь рышьҭахь еизҳаны аԥырра иалагароуп" ҳәа иҳәеит Қриа.
Мызк ашьҭахь еилкаахоит иарбан цәҟьахку еиҳа хра злоу.
"Аферомонтә цәҟьа аиҳарак аҭагылазаашьа зеиԥшроу унарбоит. Алашаратә цәҟьа - ахәаҷа анырҵәаразы ихәарҭоуп. Ҭырқәтәылатәи ҳколлегацәа рԥышәа инақәыршәаны, хыԥхьаӡара рацәала ианеилаԥыруа иара иҭашәар рылшоит зқьыла ахәаҷа", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Астанда Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Арадио
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Смырԥҳа ашыц иадҳәалоу фактқәак ирызкны
Алашартә цәҟьа гектарк аҟынӡа аҵакыра арыцқьар ауеит. Амра аныԥхо афымцамч аиуеит. Алашаратә цәҟьа америкатәи ахьычԥаԥыр аҿагыларазгьы ихәарҭоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп, аха уи аԥсуа екологцәа макьаназ акгьы рзахҳәаауам.
Амцаԥшьхәаҷа цәырҵит 2023 шықәса лаҵарамзазы. Уаанӡа аасҭа изааны. Уиижьҭеи ашыц аԥырхага азҭахьоу ахәаҷақәагьы цәырҵхьеит.
Колхидатәи мамзаргьы Кавказтәи ашыц реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Ашьшьыҳәа иазҳауеит – шықәсык ала сантиметрақәак роуп иацло.
Ашыцтә амцаԥшьхәаҷа Аԥсны иаанагеит 2012 шықәсазы Шәачатәи аолимпиада аан. Усҟан Урыстәыла апаркқәа рыриаҵәаразы Италиа иаанахәеит Китаитәи ашыц шьаҭақәа, урҭ ирылан ари аҟанҷгьы. Иахьазы Аԥсны ашыц ахьеизҳауа адгьыл 500 гектар иҟоуп, уи жәантә еиҵоуп ашыц хызшьаауа ахәаҷа Аԥсны ицәырҵаанӡа иҟаз амҽхак аасҭа.
Самшит колхидский - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Аԥсны
"Ӡынгьы-ԥхынгьы зыбӷьы камԥсо": ашыц ҵлеи уи асимволтә ҵаки
Ажәабжьқәа зегьы
0