Аԥсны

Аскульптор Геннади Лакоба ицәыргақәҵа Москва имҩаԥгахоит

Геннади Лакоба – аԥсуа скульптор, асахьаҭыхыҩ, ИуНЕСКО асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи рассоциациа алахәыла.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аскульптор Геннади Лакоба ицәыргақәҵа Москва, арт-ҵакыра Rasario аҿы жьҭаара 19 рзы имҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит адизаинер, абренд Rasario ахатәтәҩы Расида Лакәаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Геннади Лакобеи лареи реиԥылароуп лгәы азҭазҵаз абутик Rasario арт-ҵакыраны аҟаҵаразы.
"Ҳшеижәлантәугьы, хаҭала ҳаибадыруамызт. Уи иагьџьашьатәӡам. Геннади Лакоба — иҳараку арҿиаратә дунеи дацкаруп. Аха аҭагылазаашьақәа убас еиқәшәеит, ари ауаҩы ссир дыздырит, иагьысыӡбеит ирҿиаратә цәыргақәҵа еиҿыскаарц", – лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵахь инагахоит аџьази амармалташьи ирылху иусумҭақәа. Урҭ аԥҳәыс лҭеиҭыԥши лдоуҳаи рыԥшӡара ашәа азырҳәоит. Ари афилософиа абренд Rasario иазааигәоу акоуп.
"Ҳәашьа змам агәахәара сызцәырнагоит раԥхьаӡа акәны имҩаԥааго арт-уснагӡатә асеиԥш аҟазшьа ҷыда ахьамоу, асимволра ахьаныԥшуа. Геннадии ҳареи ҳзы ацәыргақәҵа ацәыргақәҵара адагьы аҟазарахь абзиабара иасимволуп", - лҳәеит Расида.
Аԥсуа скульптор Геннади Лакоба – Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиеи Санкт-Петербург аҟазара академиеи дроушьҭымҭоуп. Иусумҭақәа адунеи еиуеиԥшым агалереақәеи ахатә коллекциақәеи рҿы иҟоуп. Иара убасгьы Аҟәа игылоу Амҳаџьырқәа рбаҟагьы зымпыҵыҵыз Лакоба иоуп.