Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ауаа газла реиқәыршәара иазкны

"Аԥсныбылтәы" аӡынразы еиԥҟьарада газла еиқәыршәахома, насгьы иахьатәи ахәԥса шыҟац иаанхома - абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә еилахәра "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьапуа.
Sputnik
Иӡшьартәу агаз баџьда Аԥсныҟа аагаразы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аԥкаанҵа аднакылеит.
"Агаз азҵаара ӡбоуп, иахьа уадаҩра ҳәа акгьы ыҟаӡам. Насгьы "Аԥсныбылтәы" анаҩс агаз ҳтәылахь иаазго ыҟоуп, дара аҭаҭәарҭақәа рымоуп. Агаз азы уадаҩра ҟалаӡом. Насгьы ҳара аӡын ҳхы иаҳархәо заанаҵы иааҳхәоит. Иагьа уадаҩра ҟаларгьы, мызкы аҩнуҵҟа 50 тонна еиҳаны агаз цаӡом. Ахә акәзар, рацәак ауаҩы дзыргәырӷьо ҳәа акгьы аныԥшӡом", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.