Аԥсны

Вольвач: азакәанԥҵарақәа реиуаршәаразы аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭа дук наҳагӡахьеит

Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реиуаршәаразы аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит Москва жьҭаара 17 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рзакәанԥҵарақәа реиуаршәаразы аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭа дук наҳагӡахьеит, иара убас акыр ахыркәшарахь инаҳгахьеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач. Абри атәы лҳәоит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган Instagram* аҿы.

"Сынтәатәи ашықәс – ҳтәылақәа рзакәанԥҵарақәа реиуаршәаразы аусмҩаԥгатәқәа анхҳаркәшо ауп. Изыхәҭоу аусбарҭақәа зегьы активла аусеицура иаҿуп апрограмма апунктқәа рынагӡаразы", - иҳәеит иара.

Вольвач иазгәеиҭеит аусураан инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәеи анорматив-зинтә актқәеи аҩтәылак еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы русеицура арҿиара иацхраауеит, аинтеграциатә проектқәеи аинвестициақәа радԥхьалареи ирыхәоит ҳәа.
Урыстәылеи Аԥсни рзеиԥш економикатәи асоциалтәи ҵакыра аиҿкааразы аусутә гәыԥ изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит Москва жьҭаара 17 рзы.
Уи иалахәын аҩтәылак иртәу аиустициа, адәныҟатәи аусқәа, агәабзиарахьчара, аџьатә еиқәыршәара, аҩнуҵҟатәи аусқәа, афинансқәа рминистррақәа, ахәаахәҭра, Аҳазалхратә маҵзура, Урыстәыла Абанк уҳәа аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аусутә гәыԥ ацхантәаҩцәа - Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи.
Аԥсны
Путин Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиара ахәшьара аиҭеит