Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Путин Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аҿиара ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией
Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа Владимир Путини Аслан Бжьаниеи аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥыргеит Шәача, жьҭаара 4 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара 73% инаӡеит, Урыстәыла иаҵанакуа 64 региони Аԥсны аҳәынҭқарреи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура рыбжьоуп, абри атәы иҳәеит Владимир Путин Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.
"Иааидкыланы аҭагылаазашьа аҿиашьа бзиуоп. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара 73% инаӡеит, Урыстәыла иаҵанакуа 64 региони Аԥсны аҳәынҭқарреи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура рыбжьоуп. 200 инареиҳаны еицаҳзеиԥшу анаплакқәа аус руеит", - абри атәы иҳәеит Владимир Путин Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.
Путин даҽазныкгьы Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари ирыдиныҳәалеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа реиӷьтәразы ашьаҿа ҿыцқәа шыҟаҵоу.
Бжьаниа Путин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҩ-тәылак ртәылауаҩразы аиқәшаҳаҭра инапы ахьаҵаиҩыз.
"Иҳабжьоу ихадоу аиқәшаҳаҭрақәа ҳрықәныҟәалоит. Урыстәылатәи аган иаԥшьнаго аинтеграциатә процессқәа ҳрылахәызар ҳҭахәуп, избан акәзар, - Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит. Уи ҳара ҳзы ихадоуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Ажәабжьқәа зегьы
0