Аԥсны

АҟәаГЕС иахьаҵанакуа аибашьраантәи аршьаҟатә минақәа рбеит

Ишәарҭоу аԥшаамҭақәа Аԥсны АҶА аусзуҩцәа еиҵырхит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи аршьаҟатә минақәа рбеит АҟәаГЕС иахьаҵанакуа абнанхамҩахь узго амҩаду аныҟарҵоз ҳәа аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Аџьаԥҳаны ирԥшааз рыбжьара иҟоуп ақәыӷәӷәаратә минақәа ПМН2 (быжьба), хырхарҭала аршьаҟатә минақәа МОН-100 (ҩба), аԥынгылатә аԥҽыхацырҟьатә минақәа ОЗМ-72 (ҩба).

Аџьаԥҳаны ахьырԥшааз аҭыԥахь АҶА апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа, урҭ аминақәа еиҵырхит.