АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура иалагоит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 24 рзы, жәларбжьаратәи арратә ҭагылазаашьа еицәамхар ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥснытәи ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.
Бжьаниа иҳәеит ари амза аҩнуҵҟа аилаӡара зыбжьоу аинвестор ихьӡ аартны ишҳәахо.
Атәыла ахада иажәақәа рыла, апроект аҳәынҭқарратә ԥара ахҭынҵахаӡом, аԥарашәара мҩаԥызго аинвестор иоуп. Аинвестор иара убасгьы ацҳақәеи ареспубликатә мҩаду ахәҭаки еиҭашьақәиргыларан дыҟоуп.