Аԥсны

Аҳақьым-аиммунолог Аԥсны аимҳәаршәаа зцәырҵыз атәы далацәажәеит

Аԥсны аимҳәаршәаа зыхьуа рхыԥхьаӡара рацәахо иалагеит. Аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҟны 70-ҩык ирыхьхьеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аԥсны аимҳәаршәаа цәырҵуа иалагеит ауааԥсыра аимҳәаршәаа иаҿагыло алаҵа аҟаҵара иахьаҟәыҵыз азы ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҳақьым-аиммунолог Владислав Жемчугов.
Жемчугов иазгәеиҭеит аимҳәаршәаа ихьанҭоу, иҿку шчымазароу, ахәыҷқәагьы адуцәагьы ирыхьыр шауа.
"Адунеи зегьы аҿы иҟоуп алаҵа. Асовет лаҵа анырра бзиа ҟанаҵоит. Иара АКДС (аимҳәаршәаа-адифтериа-ашҳазаара рзы еилоу алаҵа – аред.) аилазаараҿ иҟоуп, аха алаҵаҟаҵара, аиҳаракгь АКДС иаҿагыло ирхырҟьаны алаҵа еиҳа имаҷны иҟарҵо иалагеит ауаа. Уи иахҟьаны аиммунтә ҿыгҳара еиҵахеит Аԥсынгьы. Убри аан аҵыхәтәантәи аамҭазы арахь ауаа рацәа раара инадҳәаланы амикроб атәылахь иаланагалазар ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Жемчугов.
Аиммунолог иажәақәа рыла ачымазара еиҳа ихҽырц азы ахәыҷқәагьы адуцәагьы алаҵа ҟарҵалароуп. Убри аан иара иазгәеиеҭит аимҳәаршәаа ахҟьаԥҟьақәа уадаҩхар шалшо.
Арадио
Аҳақьым агрипп аҟынтә алаҵаҟаҵаразы: абаржәы аамҭа бзиоуп
"Аимҳәаршәаа аимҳәа ӷәӷәа ацуп. Уи аиҳарак ахәыҷқәа рзы ишәарҭоуп – ррыԥҳақәа шьшьар ҟалоит, ашьацара цәырнагар алшоит рыхәламшәы цәҟьоит. Адуцәа ршьақәыӷәӷәара халар ауеит. Зегьы иреиӷьуп алаҵаҟаҵара" , - ҳәа иҳәеит иара.
Жемчугов иҳәеит адуцәагьы алаҵа ҟарҵар шауа. Заҟа еиҳаны ауаа алаҵа ҟарҵо аҟара амикроб алаҵәара ԥкхоит.
Аԥсны аимҳәаршәаа зыхьуа рхыԥхьаӡара рацәахо иалагеит. Аҵыхәтәантәи аҩымз рыҩнуҵҟа Гәдоуҭа араион аҟны 70-ҩык ирыхьхьеит.