АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Уаанӡатәи Аминистрцәа рхеилак ахыбра аганахь ала аӡбра адкылараан, Аҟәа иаланхо ауааԥсыреи ҳареи ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа аԥснытәи ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.
"Раԥхьа иргыланы, ӡбамҭак ҳадаҳкылаанӡа ақалақь ауааԥсыреи ҳареи ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит ишизеилымкаауа ари азҵаара ацәажәара рацәа захылҿиааз.
Атәыла ахада иажәақәа рыла аиҳабыратә хыбра аиҭашьақәыргылараз иаҭаххоит ҩ-миллиардк, ариаҟара аԥара аҳәынҭқарра иамаӡам. Уи адагьы аҳәынҭаппарат ари аҩыза ахыбраҿ аҩнаҵара хымԥаданы иҟам.
Убри аан, аҵыхәтәантәи 10 -15 шықәса рыҩнуҵҟа ари ахыбраҿы 15 цәгьоура ҟалахьеит, алифҭтә шахтақәагьы акыр ишәарҭоуп.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, ари ахыбра аҭыԥаҿ ахырхарҭарацәа змоу акомплекс – аофистә хыбра, асасааирҭа ахәҭак аҟаҵара зҭаху ауаа шыҟоу, аха макьаназ ӡбамҭак шрыдрымкылац.
Ахақәиҭра ашҭаҿы игылоу Аминистрцәа рхеилак ахыбра Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан акыр ааха аиуит.
Цәыббра 27, 1993 шықәсазы ахыбра иахаргылан аԥсуа бираҟ. Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
30 шықәса шцахьоугьы ари ахыбра еиҭашьақәыргыламкәа иаанхоит.
2023 шықәса жьҭаарамзазы Москва, аԥсуа студентцәа рԥылараан Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит апроект анагӡара иадгыло аинвестор дшыҟоу, ахыбра хара имгакәа аекспертиза шымҩаԥгахо. Убри аан иара иҳәеит ари аҭыԥаҿ ишазԥхьагәаҭо "Президент-отель".