Аҵарауаҩ арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ихәыҷра ашықәсқәа рзы иани иаби шиԥхаз, иаҳәшьцәа хәыҷқәеи иареи Цандрыԥшь ахәыҷқәа рыҩны ишақәшәаз, уаантә дыбналан Адыгатәыла дышнанагаз, Аԥсныҟа дшыхынҳәыз, Тҟәарчал ашахтаҟны аусура даладыргарц ишаҿыз, арра маҵзура 4 шықәса ихганы данаа, занааҭк иоурц иҽазышәарақәа ртәы, афотоҭыхыҩс акыр аамҭа аус шиуаз, Москва ВГИК аоператор изанааҭ иоурц хышықәса ихы шԥишәоз, аҭҵаарадыррахь амҩа шылихыз. Алықьса Папасқьыр еиҭеиҳәеит иусумҭа "Обезы" 30 шықәса шақәирӡыз.
"Ишакәхалакгьы ак сҳәоит ҳәа иабоуҳәоз, ақырҭуа профессорцәеи академикцәеи сҿагылан. Урҭ ихәахәоу ак уҳәазҭгьы, иаразнак уааныркылон. Убри аҟынтә шьаҭанкыла иҟаҵатәын аусумҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Папасқьыр.
Аҵарауаҩ еиҭеиҳәеит ауниверситет аҟны иахьагьы алекциа дшаԥхьо, убасгьы аԥсышәала алекциақәа рыҩра дшаҿу.
"Иахьа ашәҟәқәа рацәаны иҭыҵуеит, аха аҭҵаарадырреи ашәҟәқәа рыҩреи ахәшьара зларҭо ахаҭабзиара алоуп, хыԥхьаӡарала акәӡам. Ашәҟәқәа ҭыжьла, аха аԥсуа жәлар рҭоурых иҩымзар, ашәҟәқәа шәҟәқәоуп", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.