https://sputnik-abkhazia.info/20231019/eitsyrdyrua-akhya-aaraua-alysa-papasyr-1048655020.html
Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр
Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр
Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, арҵаҩы, апублицист Алықьса... 19.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-19T11:40+0300
2023-10-19T11:40+0300
2023-10-19T12:24+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/11/1048655130_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_b624d68fd7796452a31536b74c44f225.jpg
Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр
Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр
Аҵарауаҩ арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ихәыҷра ашықәсқәа рзы иани иаби шиԥхаз, иаҳәшьцәа хәыҷқәеи иареи Цандрыԥшь ахәыҷқәа рыҩны ишақәшәаз, уаантә дыбналан Адыгатәыла дышнанагаз, Аԥсныҟа дшыхынҳәыз, Тҟәарчал ашахтаҟны аусура даладыргарц ишаҿыз, арра маҵзура 4 шықәса ихганы данаа, занааҭк иоурц иҽазышәарақәа ртәы, афотоҭыхыҩс акыр аамҭа аус шиуаз, Москва ВГИК аоператор изанааҭ иоурц хышықәса ихы шԥишәоз, аҭҵаарадыррахь амҩа шылихыз. Алықьса Папасқьыр еиҭеиҳәеит иусумҭа "Обезы" 30 шықәса шақәирӡыз."Ишакәхалакгьы ак сҳәоит ҳәа иабоуҳәоз, ақырҭуа профессорцәеи академикцәеи сҿагылан. Урҭ ихәахәоу ак уҳәазҭгьы, иаразнак уааныркылон. Убри аҟынтә шьаҭанкыла иҟаҵатәын аусумҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Папасқьыр.Аҵарауаҩ еиҭеиҳәеит ауниверситет аҟны иахьагьы алекциа дшаԥхьо, убасгьы аԥсышәала алекциақәа рыҩра дшаҿу."Иахьа ашәҟәқәа рацәаны иҭыҵуеит, аха аҭҵаарадырреи ашәҟәқәа рыҩреи ахәшьара зларҭо ахаҭабзиара алоуп, хыԥхьаӡарала акәӡам. Ашәҟәқәа ҭыжьла, аха аԥсуа жәлар рҭоурых иҩымзар, ашәҟәқәа шәҟәқәоуп", - иҳәеит аҵарауаҩ.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/11/1048655130_86:0:1223:853_1920x0_80_0_0_ec65fdc5d1313c43976191b6c7015797.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: аҵарауаҩ Алықьса Папасқьыр
11:40 19.10.2023 (ирҿыцуп: 12:24 19.10.2023) Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, арҵаҩы, апублицист Алықьса Луман-иԥа Папасқьыр 95 шықәса ихыҵит.
Аҵарауаҩ
арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ихәыҷра ашықәсқәа рзы иани иаби шиԥхаз, иаҳәшьцәа хәыҷқәеи иареи Цандрыԥшь ахәыҷқәа рыҩны ишақәшәаз, уаантә дыбналан Адыгатәыла дышнанагаз, Аԥсныҟа дшыхынҳәыз, Тҟәарчал ашахтаҟны аусура даладыргарц ишаҿыз, арра маҵзура 4 шықәса ихганы данаа, занааҭк иоурц иҽазышәарақәа ртәы, афотоҭыхыҩс акыр аамҭа аус шиуаз, Москва ВГИК аоператор изанааҭ иоурц хышықәса ихы шԥишәоз, аҭҵаарадыррахь амҩа шылихыз. Алықьса Папасқьыр еиҭеиҳәеит иусумҭа "Обезы" 30 шықәса шақәирӡыз.
"Ишакәхалакгьы ак сҳәоит ҳәа иабоуҳәоз, ақырҭуа профессорцәеи академикцәеи сҿагылан. Урҭ ихәахәоу ак уҳәазҭгьы, иаразнак уааныркылон. Убри аҟынтә шьаҭанкыла иҟаҵатәын аусумҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Папасқьыр.
Аҵарауаҩ еиҭеиҳәеит ауниверситет аҟны иахьагьы алекциа дшаԥхьо, убасгьы аԥсышәала алекциақәа рыҩра дшаҿу.
"Иахьа ашәҟәқәа рацәаны иҭыҵуеит, аха аҭҵаарадырреи ашәҟәқәа рыҩреи ахәшьара зларҭо ахаҭабзиара алоуп, хыԥхьаӡарала акәӡам. Ашәҟәқәа ҭыжьла, аха аԥсуа жәлар рҭоурых иҩымзар, ашәҟәқәа шәҟәқәоуп", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.