АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Џьеро Марганиа ишьра аганахь ала аусҭҵаара хыркәшаны аматериалқәа Арратә ӡбарҭахь инашьҭуп ахәаԥшарзы ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
26-шықәса зхыҵуа Давид Ахьиба, гәҭакрыла ауаҩшьра ҟаиҵеит, иара убасгьы закәаншьаҭада ихысуа абџьар аахәара, амазаара, амҩангара мҩаԥигон ҳәа гәызҩарас дыҟоуп.
Аус аматериалқәа рыла, Давид Ахьиба Акмаль Худоибердиев ишьра иҭахын. 2023 шықәса мшаԥы 28, асааҭ 17:30 - 18:30 рыбжьара Алаҳаӡы аус зымуа аԥсаатәааӡарҭа фабрика аҵакыраҿы Ахьиба Худоибердиев имихәҳахьаз амашьына BMW E60 ахәԥса 200 000 мааҭ ииҭаразы днеиԥхьеит.
Аха Акмаль Худоибердиев ицынхәрас уахь днеит иҩыза Џьеро Марганиа. Ауал ашәара згәы иҭамыз Давид Ахьиба инеиз Џьеро Марганиа жәантә диехсит Калашников иавтомат ала. Марганиа аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.
Ахьиба Марганиа данишь ашьҭахь, уи дызланеиз амашьына ари аҭыԥ 500 метра иахьацәыхараз хыбрак аҿы иҵәахит, иишьыз иԥсыбаҩ аргыларатә гәамсам ахькажьыз абырзент ақәыршәны иҵәахит. Ихаҭа ацәгьа ахьиуыз аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Иара убасгьы, Давид Ахьиба ахара ихараҵоуп ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан Калашников иавтомати 15 патронеи закәаншьаҭада иааихәеит, ауаҩшьразгьы ихы иаирхәеит ҳәа. Автомат Ахьиба Алаҳаӡы ақыҭа аӡыршьҭра иҭаижьит, уи нас апрокуратура аусзуҩцәа ирыԥшааит.