Аԥсны

Алҵшәа бзиа ҳазԥшуп: Кәарҷиа Аԥсны ахада ипресс-конференциа иазкны

Sputnik
Ареспублика ауааԥсыра ргәы иҵхо еиуеиԥшым азҵаарақәа: ашәарҭадара, аенергосистема иамоу ауадаҩрақәа, атранзиттә лшарақәа, урыстәылатәи аиԥыларақәа рылҵшәақәа уҳәа, хыԥхьаӡара рацәала ажурналистцәа ишьҭырхыз азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿ. Уаҟа иззаҭгылаз азҵаара хадақәа арадио Sputnik аефир аҟны рыхҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.