Аԥсны

Аслан Бжьаниа Владимир Соловиов ииубилеи идиныҳәалеит

Урыстәылатәи ажурналист, ателехәаԥшреи арадиои рдырраҭарақәа рымҩаԥгаҩ Владимир Соловиов 60 шықәса ихыҵит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит урыстәылатәи ателемҩаԥгаҩы, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Соловиов, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, Соловиов иреиҳаӡоу ахәшьара дшаԥсоу ипринципреи изанааҭдырреи рыла, иара ҳреспубликаҿ дшеицырдыруа ӷәӷәала зыԥсадгьыл иапатриоту иакәны.
"Агәра згоит, шәара шәуаажәларратә, шәжурналисттә усура ҳаҩызаратә усеицуара арҿиара ишацхраауа. Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара, шәҭакԥхықәратә ус аҟны ақәҿиарақәа", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.