Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Сеченов ихьӡ зху ауниверситети аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Иван Сеченов ихьӡ зху Актәи Московатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет — Урыстәыла иналукааша медицинатә усҳәарҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Аԥсны агәабзирахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Сеченов ихьӡ зху Московатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Пиотр Глыбочкои аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Адокумент азырхоуп аусеицура аҿиареи арӷәӷәареи, Аԥсны атәылауаа аҵараҵараҿ ацхыраара рыҭара, ареспублика амедицинатә усбарҭақәа ацхыраара рзыҟаҵара, аполис ОМС ала ауааԥсыра рыхәшәтәраҿ рыдгылара, аҳақьымцәеи афармацевтцәеи рҟазара азырҳара.
Быҭәбеи Глыбочкои еиқәшаҳаҭхеит аԥснытәи аушьҭымҭацәа рзы амедико-профилактикатә факультет ахь аквотақәа ралхразы.