Аԥсны

Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәа Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп

Дамаск иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра Мрагылара Ааигәа егьырҭ атәылақәеи реизыҟазаашьа арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥнагоит, иара убас арҭ атәылақәа рганахьала Аԥсны азхаҵара аиуразгьы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Мрагылара Ааигәа Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Мрагылара Ааигәа иҟоу атәылақәа русеицуразы Аԥсны Ареспублика Ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵазааит Хәытаба Баграт Рашь-иԥа", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Уаанӡа Хәытаба иҳәахьан Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аусеицуразы аизыҟазаашьақәа ахьарӷәӷәо Дамаск мацара шакәым, ацҳақәа бжьанаҵоит Мрагылара Ааигәа егьырҭ атәылақәа рҟынгьы. Хәытаба иажәақәа рыла аусурақәа цоит арҭ атәылақәа рганахьала Аԥсны азхаҵара аиураз, уи аганахь ала алҵшәақәагьы ыҟоуп.