АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. 20 скульптура рҟынӡа аџьази амармалташьи ирылху Геннади Лакоба иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит москватәи арт-ҵакыра Rasario аҟны. Ацәыргықәҵа аартуп абҵара 15 рҟынӡа.
Аскульптор Геннади Лакоба ицәыргақәҵа Москва, арт-ҵакыра Rasario аҿы амҩаԥгара аԥшьалгеит адизаинер, абренд Rasario аԥшәма Расида Лакәаԥҳа. Лара ишылҳәаз ала Геннади Лакобеи лареи реиԥылароуп лгәы азҭазҵаз абутик Rasario арт-ҵакыраны аҟаҵаразы.
Зырҿиара ахырхарҭарацәа змоу Геннади Лакоба аиҳарак инапы рылакуп: аҿыханҵа, аскульптура, иара убасгьы агобелен, абырфын. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыдгалан аџьази амармалташьи ирылху иусумҭақәа.
Лакоба хәышықәса аус здиуылоз иусумҭақәа ируаку "Марго" нап аркын Аԥсны 1980 шықәсазы. Раԥхьаӡа акәны иара цәырган Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал аҟны, аха нас Аԥсны Аџьынџьтәылатә ибашьра алагеит.
"Ҳаԥсҭазаара зегь еилаԥыххаахеит, деилаԥыххаан с-"Маргогьы". Анаҩс исылшеит ахәҭақәа Беларусиаҟа ргара, уа аҽазныкгьы аус напаркра. Европатәи амузеиқәа рҿы исоуз адырра, еизыскыз аԥышәа исырҭеит алшара еиҳа инарҵауланы аформа аус адулара, анализ азура. Рацәак ҵуам 30 шықәса ирҭаӡаз, аскульптура аҟаҵара сгәазырԥхаз, аԥсҭазаараҿ иҟаҵәҟьаз амодель илықәҭыхыз аусумҭа хсыркәшеижьҭеи", - ҳәа иҳәоит аскульптор.
Ацәыргақәҵахь инагоуп 19 скульптуреи гобеленки. Лакоба иҳәеит дшазыхиоу еиҳаны аскульптурақәеи 20 рҟынӡа еиуеиԥшым гобелени рцәыргара.
Геннади Лакоба диит Аҟәа, 1948 шықәсазы. Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиеи Санкт-Петербург аҟазара академиеи дроушьҭымҭоуп.
1976 шықәса раахыс СССР асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, ИуНЕСКО асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи рассоциациеи, Аԥсни Беларуссиеи рсахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәеи дрылахәуп, Урыстәылатәи асахьаҭыхратә Академиеи, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи рлахәылас дыҟоуп.