Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа аеродром "Долгинцево" аҟны иҟаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа аеродром "Долгинцево" Днепропетровтәи аобласт аҟны иҟаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәеи абылтәыҭаҭәарҭақәеи ԥыржәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла иԥыржәеит украинатәи аҳаирплан Су-24, Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа иҭадырхеит Су-24, аҳаирпланқәа Миг-29, авертолиот Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 23, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа.
Атәылахьчара ишаанацҳауа ала, Запорожиетәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан УАМ аибашьцәа 20-ҩык, ҩ-танкк, амашьынақәа хԥа, агаубицақәа FH-70, М119. Херсонтәи ахырхарҭаҿы ишьуп 30-ҩык украинатәи аибашьцәа, ҩ-машьынак, агаубица -30
Купиантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 50-ҩык солдаҭ, х-пикапк. Краснолимантәи ахырхарҭаҿы- шәҩык рҟынӡа аибашьцәа ихәуп ма ишьуп, акәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынакәа ҩба, агаубица Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархан УАМ аибашьцәа 260-ҩык, ԥшь-машьынак, артиллериатә шьақәгыла М777, Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы- 140-ҩык аибашьцәа, х-машьынак.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа украинатәи аҳаирпланқәа Миг-29 быжьба ҭадырхеит