АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Жьҭаара 21 рзы аԥсҭбара зцыз амҩан амашәыр ҟалеит Калдахәара ақыҭа иахьаҵанакуа, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҟны.
Амҩан амашәыр ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит асааҭ 18:30 рзы, амашьынақәа ВАЗ 2107 - Mitsubishi иааихеит.
Амашәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит, хҩык ахәшәтәырҭахь инагоуп.