АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. COVID-19 злоу ааҩык ачымазцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аинфекциатә ҟәша иҭашәеит мчыбжьык ала ҳәа адырра ҟалҵеит араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа.
Иара иазгәалҭеит 2-3 мчыбжьы раԥхьа акоронавирус злаз апациентцәа зегьы шылҩааз, аха ԥыхьатәи амчыбжь ишналагаз аҿыц чымазцәа нананго иалагеит ҳәа.
Ичмазаҩцәаз зегьы зықәрахь инеихьаз ракәын, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҩыџьа Гәдоуҭа араион иатәуп, егьырҭ Аҟәеи Очамчыреи араионқәа рҟынтәи иааит.
Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, "акоронавирустә инфекциа" адиагноз змоу апациентцәа шрыдыркыло Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аинфекциатә ҟәшаҿы мацара.