https://sputnik-abkhazia.info/20231005/asanitart-aym-khada-asny-akoronavirus-aagylazaasha-dalatsazheit-1048452195.html
Асанитартә ҳақьым хада Аԥсны акоронавирус аҭагылазаашьа далацәажәеит
Асанитартә ҳақьым хада Аԥсны акоронавирус аҭагылазаашьа далацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Бжьаратәла Аԥсны аҳақьымцәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 10-12 коронавирустә хҭыс азгәарҭоит. 05.10.2023, Sputnik Аҧсны
2023-10-05T09:00+0300
2023-10-05T09:00+0300
2023-10-05T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1e/1032334398_0:156:2698:1674_1920x0_80_0_0_3ee5a025301ca696c07dffe1ef62b620.jpg
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны акоронавирустә чымазара ахы шьҭнахуа иалагеит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. Цәыббрамзазы 152 коронавирустә хҭыс азгәаҭан. Ибыргыз чмазаҩык иԥсҭазаара далҵит. Макьанагьы COVID-19 аҽацәыхьчара актуалра аҵоуп егьырҭ ареспиратортә чмазарақәа рзы аиԥш ҳәа лҳәеит асанепидмаҵзура аиҳабы. Алла Белиаева иазгәалҭеит акоронавирус аиҳарак иԥсыҽны ишухуго. Аԥснытәи амедусзуҩцәа лабораториатә ҟазшьала авирус аштамм шырзышьақәмыргылогьы, ачымазара амҩаԥысшьала уи омикрон шакәу убарҭоуп лҳәеит аҳақьым. "Егьырҭ ахәшәтәырҭақәа ирҭашәо ачымазцәагьы аекспресс-тестқәа рзыҟарҵоит. Акоронавирустә инфекциа здырбало Гәдоуҭаҟа, аковидтә ҟәшахьы инаргоит, уа ковид аиԥш ахәшәтәырҭахь изыдҵаалаз ачымазарақәагьы рхәышәтәуеит", - лҳәеит Белиаева. Уажәазы акоронавирус хьанҭаны изныруа ауаа маҷуп ҳәа азгәалҭоит лара.
https://sputnik-abkhazia.info/20230921/aaym-eialeit-akovid-chymazarazy-asny-iakha-aagylazaasha-zeishrou-1048119461.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1e/1032334398_129:0:2569:1830_1920x0_80_0_0_6af2d941716c56a381807cc2a0393891.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
аԥсны, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Асанитартә ҳақьым хада Аԥсны акоронавирус аҭагылазаашьа далацәажәеит
Бжьаратәла Аԥсны аҳақьымцәа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 10-12 коронавирустә хҭыс азгәарҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны акоронавирустә чымазара ахы шьҭнахуа иалагеит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Акоронавирус џьаргьы иҳалҵны имцаӡеит. Ачымазцәа еснагь иҟан, аха рхыԥхьаӡара маҷын. Аԥхын аультрафиолет ҳаракуп, ауаа аҳауаҿы ирхыргоит раамҭа, аҿкыра аимадарагьы лаҟәхеит. Уажәы ахәыҷқәа ашколқәа рахь ихынҳәит, ҭагалани аӡынреи ачымазарақәа ираамҭоуп, акоронавирусгьы налаҵаны", - лҳәеит лара.
Цәыббрамзазы 152 коронавирустә хҭыс азгәаҭан. Ибыргыз чмазаҩык иԥсҭазаара далҵит. Макьанагьы COVID-19 аҽацәыхьчара актуалра аҵоуп егьырҭ ареспиратортә чмазарақәа рзы аиԥш ҳәа лҳәеит асанепидмаҵзура аиҳабы.
Алла Белиаева иазгәалҭеит акоронавирус аиҳарак иԥсыҽны ишухуго. Аԥснытәи амедусзуҩцәа лабораториатә ҟазшьала авирус аштамм шырзышьақәмыргылогьы, ачымазара амҩаԥысшьала уи омикрон шакәу убарҭоуп лҳәеит аҳақьым.
"Егьырҭ ахәшәтәырҭақәа ирҭашәо ачымазцәагьы аекспресс-тестқәа рзыҟарҵоит. Акоронавирустә инфекциа здырбало Гәдоуҭаҟа, аковидтә ҟәшахьы инаргоит, уа ковид аиԥш ахәшәтәырҭахь изыдҵаалаз ачымазарақәагьы рхәышәтәуеит", - лҳәеит Белиаева.
Уажәазы акоронавирус хьанҭаны изныруа ауаа маҷуп ҳәа азгәалҭоит лара.