Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Анқәаб аӡы ахә ахшәаара иазкны

Sputnik
Аҟәатәи "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Мераб Анқәаб арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аӡы ахә ахшәааразы аҳҭнықалақь аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, еизгоу аԥарақәа ахьцо, насгьы иқәыргылоу аԥхьаӡагақәа ирымоу алҵшәа атәы.
Аӡы ахә ахызшәаауа маҷуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Анқәаб. Убри аан аӡы зыԥхьаӡо амаругақәа ықәыргылоуп анаплакқәа жәпакы рҿы, дара зегьы ианраамҭоу ахә ахыршәаауеит, аха аӡы зегь реиҳа зхы иазырхәо ауааԥсыра роуп ҳәа иҳәеит Анқәаб.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.