Аԥсны

Гагра раԥхьаӡа акәны ахәыҷбаҳча аартхоит ахәыҷбарҭатә гәыԥқәа аманы

Гагра араион аҟны 830-ҩык ахәыҷқәа ахьныҟәо ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа фба аус руеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра раԥхьаӡа акәны ахәыҷбаҳча аартхоит ахәыҷбарҭатә гәыԥқәа аманы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Ари ахәыҷбаҳча Адыгаа рымҩаду аҟны игылоуп. Асовет аамҭакәа рзы иара 7-тәи хәыҷбаҳчан. Ахәыҷбаҳча анааҳартлак алшара ҟалоит 150-ҩык ахәыҷқәа аднакылартә, иара убас Гагра иҟам ахәыҷбарҭа агәыԥгьы", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ахыбра иахьаҵанакуа адәы зегь дрыцқьахьеит, ахыб ԥсахуп, уажәы аԥенџьарқәа рҭасара иаҿуп. Араион абиуџьет аҟынтәи арҭ аусурақәа ирзоужьын быжь-миллион мааҭ рҟынӡа.
Анардадкылаҩ апроект-харџьнҵа ашәҟәқәа шеиқәыршәахалак еиԥш 2025 шықәсазы ихадоу аусурақәа дрылагоит. Ахәыҷбаҳча анаартхо арыцхә макьана иазгәаҭаӡам.
Гәынԥҳа иара убасгьы иазгәалҭеит, Абазгаа рымҩала иҟоу ахәыҷбаҳча шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшарахь ишнеиуа. Ахыбра аартра шазгәаҭоу 2025 шықәса алагамҭаз.
"Ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аҭыԥқәа рызхаӡом, уажәнатә Абазгаа рымҩала иҟоу ахәыҷбаҳчахь 70-ҩык арзаҳалқәа аларҵахьеит. Арҭ ахәыҷбаҳчақәа рааҭра иҟоу ауадаҩрақәа аӡбон", - ҳәа лҳәеит Гәынԥҳа.
Гагра араион аҟны 830-ҩык ахәыҷқәа ахьныҟәо ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа фба аус руеит. Иара убас Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограммала ажьырныҳәамзазы ихыркәшахоит Пицундатәи ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
100 ҭыԥк змоу ахәыҷбаҳча аадыртуеит Гагра ашықәс нҵәаанӡа