Аԥсны

Ҟрым иаартхоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакрақәа

Никарагуа анаҩс, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакрақәа Ҟрым атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи раԥхьатәиқәахоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik. Ҟрым иаартхоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакрақәа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла ахада иҟны ареспублика Ҟрым ахаҭарнак, ҟрымтәи аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов шьаҭас дганы.
"Уажәы ацәажәарақәа цоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакрақәа аартразы", - ҳәа иҳәеит Мурадов Москва – Симферополь авидеоцҳа аформат ала ицоз апресс-конференциаҿ.
Мурадов иара убасгьы иазгәеиҭеит, абҵарамза 2020 шықәсазы Ҟрым ишаартыз Никарагуа ахаҭарнакра. Иара ишраԥхьатәихаз Ҟрым Урыстәыла ианадла аахыс.