Аԥсны

Апарламенттә еилак аҿы аинвестициатә усураз азакәан аиҭакрақәа ралагалара иахәаԥшит

Аилак аилатәара иалахәын Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, уи лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. "Аинвестициатә усуразы" азакәан аԥсхрақәа алагалара иахәаԥшит аекономикатә политикеи, аиҭакрақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы Аԥсны Апарламенттә еилакы алахәылацәа. Абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Аԥсахрақәа азгәаҭоуп, еиҳа аԥыжәара змоу аинвестициатә проектқәа рынагӡара зылшо, иара убри ала иазԥхьагәаҭоу азинҷыдақәеи апреференциақәеи риура зылшо аԥснытәи аҳәаанырцәтәи аиуристтә хаҿқәа рсиа.
Иара убас уи аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартнирра азы аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа шьақәзыргыло анормақәа рыла ихарҭәаахоит.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, аилак аӡбамҭа аднакылеит иааиуа асессиа аилатәараҟны азакәан апроект амшхәаԥштә иалаҵазарц, адепутатцәа ирыдгалазарц актәи аԥхьараҿ ирыдыркыларц.
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура иалагар анауа арыцхә рҳәеит