Аԥсны

Аслан Бжьаниа арратә ҽазыҟаҵарҭа Ҵабал даҭааит

Жьҭаара 23 рзы излагаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп ахысцәа 6-тәи, 7-тәи рыбригадақәа, иаразнактәи анырраҟаҵаратә ҟәша, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟны аҵакырахьчаратә мчқәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырҭааит Гәылрыԥшь араион Ҵабал иҟоу аҽазыҟаҵарҭаҿ имҩаԥысуа акоманда-штабтә ҽеидкыларатә ҽазыҟаҵарақәа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан аҳаирпланқәа, авертолиотқәа, адронқәа, акәылӡтехника, ареактивтә артиллериа, аминаршәгақәа. Имҩаԥган аҳаиртә десант ртәара. Атәыла ахадеи асасцәеи идырбан ажәыларатә гәыԥқәа разыҟаҵара зеиԥшроу.
"Адҵаҟаҵаҩцәа рнапынҵақәа зегь қәҿиарала инагӡоуп, аҽазыҟаҵарақәа аиҿкаара бзиа рымоуп", - ҳәа ахәшьара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Еиҳа зҽалызкааз арезервистцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.