Аԥсны

Аԥсны АҩАР ахада Москватәи аобласт иатәу Росгвардиа ОМОН "Русич" даҭааит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Москва дыҟоуп усутә ныҟәарыла.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Москватәи аобласт иатәу Росгвардиа амобил-оперативтә ҵакы змоу аотриад "Русич" даҭааит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аминистр ирбан иҷыдоу акәылӡтехника, Москватәи аобласт иатәу Росгвардиа амобил-оперативтә ҵакы змоу аотриад "Русич" аилазаара рцәамаҭәа, ақалақь аҩнуҵҟа ахысрақәа раан ахымҩаԥгашьа, анџьнырцәа артҟәацгақәа рбараан рхымҩаԥгашьа, напышьашәалатә еибашьра, автомашьынала ибнало ацәгьоуцәа раанкылараан аан ахымҩаԥгашьа.
Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа алацәажәеит астол гьыжь аҟны.