Аԥсны

Иԥсабаратә хаҿсахьа аарԥшра: Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ибаҟа аус шадыруло

Sputnik
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба ибиуст аус адырулоит аскульпторцәа Амиран Адлеибеи Адгәыр Ҷкадуеи.
Амиран Адлеиба иажәақәа рыла, рус аҟны ихадоуп зсахьа ҟарҵо ауаҩы Анцәа ицеишаз иԥсабаратә хаҿсахьа аарԥшра.
Гиви Агрба ибиуст ықәыргылахоит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны аинрал Владимир Аршбеи Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиеи рывараҿ.