Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Ҟәланырхәа ақыҭа амҩа хада еиҭашьақәыргылахоит ҳазҭоу амза нҵәаанӡа

Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа амҩа хада аиҭашьақәыргылара иалагеит жьҭаара 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Ҟәланырхәеи Дәрыԥшьи еимаздо амҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа амза нҵәаанӡа ихыркәшахоит, абри атәы "Аԥсны.Иахьа" иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Руслан Гәлиа.
Араҟа аҭыжаарақәеи адгьылҳәазарақәеи ирхырҟьаны амашьынақәа рныҟәара уадаҩын. Руслан Гәлиа иазгәеиҭеит уаанӡа ацҳа ахьыҟаз ҭыԥк аҿы ацҳа аӡы ишықәнаӡәӡәааз, ишыҟаҵатәу.
Гәлиа иажәақәа рыла, аишьцәа Нодари Гарри Шьониаа рыцхыраарала ҩ-километрак акаҭран ықәҵоуп, аусурақәа 80% нагӡоуп.