Аԥсны

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҵарадырратә программақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа

Ацәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи, Аԥсны аҵара аминистрреи реицусурала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2023 шықәса абҵарамза 1 инаркны абҵарамза 3 рзынӡа Аҟәа ақалақь аҿы, II Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵарадырратә цәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп.
Ацәыргақәҵа ахықәкы хаданы иҟоуп урыстәылатәи аҵаратә программақәа рахь ауаажәларра ринтерес ацәыргара, Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иаку аинформациатә ҵарадырратә ҵакыра аԥҵара, урыстәылатәи аԥснытәи аҵараиурҭатә еиҿкаарақәа рыбжьара аусуратә еимадарақәа рышьақәыргылара, иара убас ашколқәеи аҵараиурҭақәеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵаратә усхкы аҿы иҟоу ихадоу ахырхарҭақәеи аҭагылазаашьақәеи деилыркаара.
"Ацәыргақәҵа акраҵанакуаны иҟоуп ашколхәыҷқәа рзы, избанзар дара арҵаҩцәа рҟынтәи ишиашоу ираҳар алшоит иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара шымҩаԥысуа, иарбан хырхарҭақәоу залхра ҟало. Ахәыҷқәа арҭ адыррақәа аинтернет ала ианроуа аҽакуп. Аҽакуп арҭ аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа рҟынтәи ианраҳауа", - иҳәеит Россотрудничество аԥснытәи анапхгаҩы Дмитри Федотов.
Ацәыргақәҵа рхы аладырхәраны иҟоуп иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа 12. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Тамбовтәи аҳәынҭқарратә Университет; Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә Университет; Урыстәылатәи Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Медицинатә Университет; Ааглыхратә технологиақәеи адизаини рзы Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә Университет, уҳәа убас егьырҭгьы.
Россотрудничество аинформациала алахәылацәа зегьы аҵараиурҭақәа рхаҭарнакцәа хаҭала ирыҿцәажәартә еиԥш алшара рзаԥҵахоит. Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп алекциақәа, иреиҳаӡоу аҵарадыррақәа рҵаратә программақәа рӡыргара амҩаԥгара.