Арадио

Џьыкырԥҳа Рауф Дасаниа изы: аԥсуа ҟазаратә ҭоурых аҿы ихатә лагала ҟаиҵеит

Sputnik
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, Леон иорден занашьоу Рауф Дасаниа игәалашәара иазку ахәылԥази ацәыргақәҵеи мҩаԥгахоит иара ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҿы. Иара иԥсы ҭазҭгьы сынтәа ихыҵуазаарын 70 шықәса. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аусмҩаԥгатәқәа шеиҿкаахо, артист идҳәалоу ахҭысқәеи ртәы.
Руфеҭ Дасаниа кәашаҩык иламҩашьоз, ахәаԥшҩы дхызхуаз уаҩын, ҳәа азгәалҭеит хаҭала дыздыруаз Џьыкырԥҳа.
"Аԥсуа сценазы кырӡа зҵазкуа иакәын. Иара ихәаԥшуаз рацәаӡан. Уи инаваргыланы иара даамсҭауаҩын. Ихатә гәаанагара иман еснагь. Аԥсуа ҟазаратә ҭоурых аҿы иара ихатәы лагала ҟаиҵеит". – ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.
Рауф Дасаниа еибашьратә мҩа, ақырҭцәа рнапаҟны дшыҟалаз, иҩызцәа рзы дзеиԥшраз атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.