Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Асцена ааныжьны еибашьра ицаз Рауф Дасаниа иҭоурых: иԥшәмаԥҳәыс лгәалашәарақәа

Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аҟны акәашаҩ хадас иҟаз Рауф Дасаниа аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны еибашьра аԥсадгьыл ахьчаразы дгылеит. Рауф Дасаниа Бзыԥтәи аруаа ргәыԥ далан, Гагра ахақәиҭра далахәын, уи ашьҭахь диасуеит Гәымсҭатәи ахырхарҭахь. Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара анцоз, Рауф Дасаниа авзвод напхгара аиҭон. Иашҭхәа ақытан аиҿахысра ӷәӷәа цон. Аснаиперцәа адәы дықәыркоит афырхаҵа. Рауф иԥсы шҭаз дрымпыҵашәеит аӷацәа.
Исценатә маҭәа ааишәыхны, ар рымаҭәа зшәызҵыз акәашаҩ иҭоурых еиҭалҳәеит иԥшәмаԥҳәыс Наҭелла Бигәааԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0