Аԥсны

2024 шықәсазы аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ацентрқәа аартхоит Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. 2024 шықәсазы аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ацентрқәа аартхоит Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны. Абри атәы Аԥсныпресс иазеиҭалҳәеит Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҟны иахьагьы аԥсуа бызшәа дырҵаразы акурсқәа мҩаԥыргоит.
"Акурсқәа еиҿаҳкааит, Аԥсуа университет аҟынтәи арҵаҩцәа адаҳгалеит. Аметодика уадаҩӡам, аҵаҩцәа иргәаԥхоит. Жьҭаарамза анҵәамҭазы аԥышәарақәа рҭиуеит, аршаҳаҭгақәа рыҭахоит. Аҵара министрраҟны атәылауаҩра рыҭаразы аԥышәарақәа мҩаԥгахоит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла, акурсқәа раԥшьгараан хықәкыс ирымаз аинтерес аҵаҵаны рымҩаԥгара ауп.