Аԥсны

Аҟәа жьҭаарамзазы 160 коронавирус хҭыс азгәаҭоуп

Цәыббрамзазы Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 152 азгәаҭан, аӡәы иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Жьҭаара 27 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Аҟәа 169 коронавирус хҭыс азгәаҭоуп, абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Воуԥҳа лажәақәа рыла, аҿкы зыдбалоу рҟынтәи 16-ҩык ахәыҷқәа роуп. Иазгәалҭеит, уажәы аҿкы цәгьамкәаны ирхыргоит, амала ачымазара ӷәӷәа рымамзар.
Арадио
Воуԥҳа еиҭалҳәеит аҿкчымазарақәа рганахьала Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы
Воуԥҳа лажәақәа рыла, жьҭаарамзазы Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь ахь ишынашьҭыз ҩыџьа.
Ареспубликаҟны ашәҟәы иҭаргалоит аамҭа иаҵанакуа авирустәи аҿкытә чымазарақәа- аимҳәаршәаа, акьати чымазарақәа, ОРВИ, ОРЗ, лҳәеит Воуԥҳа.
Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа адыррақәа рыла, аимҳәаршәаа рыдбалоуп 30-ҩык, урҭ рахьтә 29-ҩык хәыҷкәоуп, аскарлатина рыдбалоуп 13-ҩык ахәыҷқәа, ацәаркыҷы аӡәы. ОРВИ, ОРЗ рымоуп 706-ҩык, урҭ рахьтә 657-ҩык ахәыҷқәа роуп.
Аҟазауаҩ лажәақәа рыла, ачымазарақәа рзы иҟоу сынтәатәи арбагақәеи ҵыԥхтәи арбагақәеи еиҩырго шырацәам. Алаҵа ҟарҵарц азы абжьгарақәа ҟалҵеит Воуԥҳа.
Агрипп чымазара аҟынтәи Агәабзиарахьчара аминистрра ирынаҭаз 700 лаҵа рҟынтәи 200 роуп иаанханы иҟоу иахьазы, лҳәеит Воуԥҳа.