Аԥсны

Арӡынба: Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара атауареикәыршара аизырҳара ҳазҿлымҳауп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара атауареикәыршара аизырҳара ҳазҿлымҳауп, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны АДәА рминистр Инал Арӡынба белоруссиатәи ателеканал аинтервиу анеиҭоз.
Арӡынба иажәақәа рыла, иахьазы аԥснынтәи Минскҟа инаргоит аҩы, аӡыхаа, аӡыржәтә. Уаҟа иаартуп аҳәаахәҭратә ҩны "Аԥсны".
Белоруссиантәи Аԥсныҟа иааргаларц рҭахәуп ақыҭанхамҩазы атехникеи, абзазартә техникеи, ахшлыҵ.
Аԥсни Белоруссиеи еицырзеиԥшу апроект анагӡаразы аусурақәа цоит.
Аԥсны ахада инапынҵала аԥсуа делегациа русбарҭабжьаратә консультациақәа рымҩаԥгаразы Белоруссиаҟа инеит. Аԥсуа делегациа аусуратә еилацәажәарақәа рымҩаԥгаразы Белоруссиатәи аусбарҭақәа рхадацәеи дареи еиԥылоит.
Аԥсуа ган иалоуп АдәА рминистр Инал Арӡынба, АҩА рминистр Роберт Кьиут, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа, Аҟәа ахада Беслан Ешба, Аспорт азы Аҳәынҭеилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагба.
Аԥсны
Аԥсни Белоруссиеи русбарҭабжьаратә консультациақәа мҩаԥысуеит Минск