Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥсны атәылауаҩ илымырхыз амашьына арратә операциа ҷыда аибашьцәа ирзырышьҭит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ илымырхыз амашьына арратә операциа ҷыда аибашьцәа ирзырышьҭит, абри атәы аанацҳауеит Ростовтәи аҳазылхырҭа апресс-маҵзура.
Ростовтәи аҳазылхырҭа аусзуҩцәа илыргеит 2005 шықәсазы иҭыжьыз амашьына "TOYOTA CELSIOR".
Иазгәаҭоуп, амашьына аамҭала ҳәа ахатәхархәаразы 2022 шықәса нанҳәамзазы аушьҭырҭа-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Адлер" аҳәаа ишахыгаз.
Амашьына зтәу Аԥсны атәылауаҩ амашьына аҳәаа иахылгеит аҳазалхратә ԥҟарақәа еилаганы, уи азы административтә зинеилагаразы ахараԥса лыдҵан.
Аӡбарҭа аӡбамҭала амашьына лымхны афедералтә хатәрахьы ииаган. Иахәҭаз ашәҟәқәа анеиқәдыршәа ашьҭахь аҳазылхырҭа аусзуҩцәа амашьына арратә операциа ҷыда аибашьцәа ирзырышьҭит.