Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Курсктәи АЕС аиадертә црыҵқәа рышьҭаҵарҭа иаахеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Курсктәи АЕС аиадертә црыҵқәа рышьҭаҵарҭа иаахеит, даҽа ҩба административтә хыбрақәа ирықәҳаит, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.
АЕС иажәлаз ахархәагақәа мраҭашәаратәи атәылақәа Украинаҟа инарышьҭыз роуп ҳәа азгәаҭоуп заанаҵтәи адыррақәа рҟны.
Урыстәыла АДәАР атәылақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит Киев ахымҩаԥгашьа иақәыӡбарц.