АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Хҩык ауаа ҭахеит Еиду Америкатә аштатқәа рҿы аныҳәаан ахысрақәа рымшала, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, америкатә АИХ-қәа рдыррақәа шьаҭас иганы.
Хҭыск ҟалеит Флорида ақалақь Тампа аҿы Хеллоуин аныҳәа амҩаԥгараан. Аӡәырҩы акостиумқәа ршәын. Ахысра аԥхьа агәыԥқәа еисуан.
Уа ҩыџьа ауаа ҭахеит, даҽа 18-ҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп.
Аҩбатәи ахҭыс ҟалеит Индиана аштат ақалақь Индианополис. Ахысраан аӡәы дыршьит, ааҩык ахәрақәа роуит. Урҭ зегьы 16-22 шықәса рхыҵуеит.