Урыстәыла

Хҩык ауаа ҭахеит Америка ахәылԥазқәа раан

© AFP 2023 / ANGELA WEISSЗакрытые улицы возле штаб-квартиры ООН во время 76-й сессии Генеральной Ассамблеи ООН
Закрытые улицы возле штаб-квартиры ООН во время 76-й сессии Генеральной Ассамблеи ООН - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.10.2023
Анапаҵаҩра
Ахҭысқәа раан ахәрақәа роуит 25-ҩык рҟынӡа ауаа.
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Хҩык ауаа ҭахеит Еиду Америкатә аштатқәа рҿы аныҳәаан ахысрақәа рымшала, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, америкатә АИХ-қәа рдыррақәа шьаҭас иганы.
Хҭыск ҟалеит Флорида ақалақь Тампа аҿы Хеллоуин аныҳәа амҩаԥгараан. Аӡәырҩы акостиумқәа ршәын. Ахысра аԥхьа агәыԥқәа еисуан.
Уа ҩыџьа ауаа ҭахеит, даҽа 18-ҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп.
Аҩбатәи ахҭыс ҟалеит Индиана аштат ақалақь Индианополис. Ахысраан аӡәы дыршьит, ааҩык ахәрақәа роуит. Урҭ зегьы 16-22 шықәса рхыҵуеит.
Полиция реагирует на активную ситуацию со стрельбой в Льюистоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2023
Урыстәыла
Америкатәи Лиуистон иҟаз ахысрақәа ирхырҟьаны 22-ҩы иреиҵамкәа иҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0