Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аҩаша жьҭаарамза 31 рзы

Аӡы аанкылахоит Аиааира апроспект аҿы аремонттә усурақәа ахьымҩаԥысуа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аҩаша жьҭаарамза 31 рзы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аӡы ҟалом асааҭ 01:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.
Ӡрыжәтәда иаанхоит Алашарбага араиони Аиааира апроспект ахәҭаки. Аӡы аанкылахоит аремонттә усурақәа ахьымҩаԥысуа иахҟьаны.