АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа раантәи аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Аҟәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ашәҭшьҭаҵара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵан быжьнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны анхацәа. Реиҳа ишьаарҵәырахаз шықәсхеит 1937-тәи ашықәс. Арепрессиа зызуз рсиақәа ирнуп еиуеиԥшым амилаҭқәеи азанааҭқәеи рхаҭарнакцәа, урҭ реиҳарак ҿарацәан - 20-35 шықәса зхыҵуаз ракәын.