Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргеит Гәдоуҭа

© SputnikВечер памяти Нестора Лакоба состоялся в Гудауте
Вечер памяти Нестора Лакоба состоялся в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргеит Гәдоуҭа, лаҵара 1 азы.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәларра.
Память Нестора Лакоба почтили в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Аԥсны
Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Аиԥылара ааиртит Гәдоуҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба, иара иажәахә аҟны иазгәеиҭеит аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы Нестор Лакоба илшамҭақәа ртәы. Аԥсуа револиуционер минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.
Еицырдыруа ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, Нестор Лакоба аԥсуа жәлар зегьы бзиа деицырбон.
Нестор Лакоба инысымҩа атәы инарҭбааны иануп лара лышәҟәқәа "Харада ахара здыз" ("Без вины виноватые"), "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" ("Из забвения – в бессмертие") рҟны.
Нестор Лакоба на своем линкольне - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Аԥсны
Ахақәиҭра иазықәԥоз: Нестор Лакоба иԥсҭазаареи иҭахареи
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Мызқәак рнаҩс "ажәлар раӷа" ҳәа рылеиҳәеит.
Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь ихьӡ риашан, 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа. Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.
Ажәабжьқәа зегьы
0