Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит аҩаша жьҭаарамза 31 рзы

"Амшынеиқәафымцамч" аҭамзаара шьҭанаҵоит аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаарамза 30 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак ҩ-сааҭк лашарада иаанхоит аҩаша жьҭаарамза 31 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Алашара дырцәоит асааҭ 09:00 рзы, иагьаҿаркуеит 11:00 рзы. Уи зыхҟьо амҩаду аҿы ажәырҭрақәа ахьыдрыцқьо азы.
Афымцамч роуам астанциа маҷқәа "Баӷрыԥсҭа", "Гьечрыԥшь", "Цандрыԥшь-ахага" рхархәаҩцәа.