Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ар рҽазыҟаҵарақәа, акоронавирус, Аҟәа аҳаирбаӷәаза аусуразы аиқәшаҳаҭра

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 23-29 рыҩныҵҟа ареспубликаҟны имҩаԥысыз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Аԥсны Арбџьармчқәа ркоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза акомплекстә реконструкциаз аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭо, акоронавирус ахынҳәра иара убасгьы аԥснытәи аполитикцәа Москваҟеи Минскҟеи рцара Sputnik аматериал аҿы.

Арратә ҽазыҟаҵара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырҭааит Гәылрыԥшь араион Ҵабал иҟоу аҽазыҟаҵарҭаҿ имҩаԥысуаз акоманда-штабтә ҽеидкыларатә ҽазыҟаҵарақәа.
Жьҭаара 23 рзы излагаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп ахысцәа 6-тәи, 7-тәи рыбригадақәа, иаразнактәи анырраҟаҵаратә ҟәша, Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟны аҵакырахьчаратә мчқәа.
Аԥсны
Атәылахьчара аминистрра Аԥсны мраҭашәаратәи араионқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит
Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан аҳаирпланқәа, авертолиотқәа, адронқәа, акәылӡтехника, ареактивтә артиллериа, аминаршәгақәа. Имҩаԥган аҳаиртә десант ртәара. Атәыла ахадеи асасцәеи идырбан ажәыларатә гәыԥқәа разыҟаҵара зеиԥшроу.
"Адҵаҟаҵаҩцәа рнапынҵақәа зегь қәҿиарала инагӡоуп, аҽазыҟаҵарақәа аиҿкаара бзиа рымоуп", - ҳәа ахәшьара ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Еиҳа зҽалызкааз арезервистцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.

Путин иҟынтәи адныҳәалара

Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны инхо Кавказ ахақәиҭтәразы аибашьра иалахәыз аветеранцәа аиааира ргеижьҭеи 80 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит.
Нонна Дорофеева, Ардаваст Сельвиан, Екатерина Синиавскаиа, иара убас Сталинградтәи Курсктәи аибашьреи ирылахәыз Валентина Шульгинеи ирыдныҳәалеит адипусбарҭеи Аҟәа иҟоу "Москва Аҩни" рхаҭарнакцәа, урыстәылатәи аицџьынџьуаа.
"Ар Ҟаԥшь ари арратә операциа ду аҿы аиааира ахьагаз аибашьра зегьы алахьынҵа аӡбеит. Шәара шәфырхацәа иашақәоуп, шәара аӷа иҿаԥхьа згәы меиҭаԥаз, зхи-хыԥси ирмеигӡаз ҳҵеицәа Аиааира шәырааигәон, шьаҿа-шьаҿала шәџьынџь ахы иақәиҭтәуа", - ҳәа ануп Урыстәыла ахада иааишьҭыз ателеграммаҿы.
Кавказ азы аибашьра иалагеит ԥхынгәымза 1942 шықәсазы, анемеццәа шьҭахьҟа рыԥхьацара алыршахеит 442 мшы рышьҭахь – жьҭаара 9 1943 шықәсазы. Абаҟа ахьыргылоу Аԥсны ашьхахыҵырҭа Пыв ала Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи аотриадқәа, иара убасгьы еидҵаз аотриад "Ԥсҳәы" злахәыз Санчаратәи ахырхарҭа ар мҩасуан.
Аԥсны
Путин Аԥсны аветеранцәа Кавказ азы аибашьраҿы аиааира 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аԥсни Белоруссиеи

Аԥсны ахада инапынҵала аԥсуа делегациа русбарҭабжьаратә консультациақәа рымҩаԥгаразы Белоруссиаҟа инеит жьҭаара 27 рзы. Аԥсуа делегациеи Аминистрцәа Рхеилак Аппарат ахантәаҩы Константин Бураки еиԥылеит. Аусеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иара убас Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Белоруссиа иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Борис Грызлови еиԥылеит.
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Борис Грызлови Минск еиԥылеит
Арӡынба уа иҟазаараан белоруссиатәи ателемҩаԥгаҩы Григори Азаренк аинтервиу ииҭеит, далацәажәеит Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара атауареикәыршара аизҳара ишаҿу.
Иара иажәақәа рыла, ареспубликаҟынтәи Минскҟа инарышьҭуеит аҩқәа, алимонадқәа, аӡы. Белоруссиа иаартуп Ахәаахәҭратә ҩны "Аԥсны".
Аԥсны акәзар, ақыҭанхамҩатә техника, абзазаратә техника, ахшаалыҵ Беларусиантәи аагара аинтерес рымоуп.
АдәАР ахада иажәақәа рыла, акультура-гуманитартә усхк аҟны аусеицурагьы аинтерес аҵаны иахәаԥшуеит.
Арӡынба далацәажәеит Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа. Иҳәеит Аԥсны палестинатәи аҳәынҭқарра аԥҵара ишадгылаҩу.
Аминистр иҳәеит ЕАА апозициа адунеи аҿы агеополитикатә еибарххара шцәырнаго.
Урыстәыла
Арӡынба: палестинатәи аҳәынҭқарра нагӡаны еиҿкаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны

Аԥышәа аимдара

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Москватәи аобласт иатәу Росгвардиа амобил-оперативтә ҵакы змоу аотриад "Русич" даҭааит.
Аминистр ирбан иҷыдоу акәылӡтехника, Москватәи аобласт иатәу Росгвардиа амобил-оперативтә ҵакы змоу аотриад "Русич" аилазаара рцәамаҭәа, ақалақь аҩнуҵҟа ахысрақәа раан ахымҩаԥгашьа, анџьнырцәа артҟәацгақәа рбараан рхымҩаԥгашьа, напышьашәалатә еибашьра, автомашьынала ибнало ацәгьоуцәа раанкылараан аан ахымҩаԥгашьа.
Кьиут Москва диԥылеит Урыстәыла амилаҭтә гвардиа Афедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ, Росгвардиа ар ркомандаҟаҵаҩ Олег Плохим.
Аԥсны
Аԥсны АҩАР ахада Москватәи аобласт иатәу Росгвардиа ОМОН "Русич" даҭааит
Аганқәа рылацәажәеит актуалтә зҵаарақәа, акадырқәа разыҟаҵара, аусбарҭабжьаратә усеицура реиԥш иҟоу.
Аделегациа иара убасгьы иаҭааит Росгвардиа алицензиа-зинҟаҵаратә усурақәа русбарҭа Ацентр Риазантәи аобласт аҿы.
Аԥснытәи асасцәа Ацентр аусушьа иахәаԥшит, иҭырҵааит.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара

Аԥсны аиҳабыреи аинвестор ЗҲәА "Аинфраструктуратә ҿиареи" Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Адокумент иазгәанаҭоит аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" акомплекс зегьы аиҭашьақәыргылара.
Ирҿыцхо аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" сааҭк ала 1 300-ҩык апассаџьырцәа адкылара алшоит.
Иара убас аҳаирбаӷәаза аусура ашьақәыргылара иадҳәалоу аргыларақәа - атерминалқәа, былтәыла-аиқәыршәаратә комплексқәа ргылахоит.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыреи аинвестори Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза арҽеиразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа Аԥснытәи акурортқәа рахь иаадырԥшуа аинтерес еизҳауеит иҳәеит ахеилак "Аинфраструктуратә рҿиара" ахантәаҩы Рашид Нургалиев.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи Аԥсны аекономика аминистрреи аинвесторцәа рыбжьара еиҿыркааз аицлабраҟны аиааира агеит ахеилак.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Уи уажәаԥхьа иҳәахьан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура иалагоит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 24 рзы, жәларбжьаратәи арратә ҭагылазаашьа еицәамхар ҳәа.

Аинвестпрограмма

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Акапиталтә ргылара аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба далархәны 2023 шықәсазтәи Аинвестпрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара атәы далацәажәеит.
Иара убас, аилатәараҿ иазааҭгылан Аҳәынҭқарра ахадеи Аминистрцәа реилазаареи ррезервтә фондқәа иоурыжьыз аԥарақәа рыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара шымҩаԥысуа.
Аинвестпрограммала 2023 шықәсазы рынагӡара азгәаҭоуп 24 усмҩаԥгатә. Урҭ рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. 215 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аԥара ззоужьу, зеиҭашьақәыргыларагьы ахыркәшарахь инеихьоу аргыларақәа ирықәхарџьу рзеиԥш еицҵалыҵ 900 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ иаанхаз аусурақәа мҩаԥгахоит ашықәс нҵәаанӡа.
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаараҿы 2023-шықәсазтәи Аинвестпрограмма анагӡара иалацәажәеит
Уи аԥхьа Апарламент аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи реилак ахәаԥшит "Аинвестициатә усурақәа рзы" азакәан ахь аԥсахрақәа.
Аԥсахрақәа рсиа иаҵанакуеит аԥснытәии аҳәаанырцәтәии иурист хаҿқәа аинвестициатә проектқәа рынагӡараан апреференциақәеи альготақәеи заур алшо рсиа аԥсахра.
Аилак иаднакылеит аӡбра азакәан апроект иааиуа асессиа амшхәаԥштә иаҵанаркырц, иагәәҭакуп аԥхьатәи аԥхьарала ирыдыркыларц азы адепутатцәа абжьгара рырҭарц.

Алашара аиураз аилацәажәара

Урыстәыла Аԥсныҟа афымцамч аанашьҭларц азы аиҿцәажәарақәа цоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Ҭемыр Џьынџьал.
Џьынџьал иажәақәа рыла, ЕгрыГЕС иамоу амчхара мацарала аӡынразы ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәара залыршахом.
"Хара имгакәа уи аӡҵаара ӡбахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аамҭа -аамҭала афымца арцәара алагалара адҳәалоуп - ЕгрыГЕС аусушьеи, иара убас Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахышәаҵышәеи.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара 422 метра инеирц акгьы агым ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч": Урыстәыла Аԥсныҟа афымцамч аанашьҭларц азы аиҿцәажәарақәа цоит

Акоронавирус

Жьҭаара 27 азы иазгәаҭоуп 169 короновирус хҭыс ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчаратә усбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Аковид чмазара зыхьуа рҟынтәи 16 –ҩык хәыҷқәоуп. Ачымазара бзианы имҩаԥысуеит, усҟак цәгьара аҵам лҳәоит лара.
Ҩыџьа роуп Гәдоуҭаҟа ахәшәтәырҭахь идәықәаҳҵаз лҳәеит Воуԥҳа.
Аԥсны
Аҟәа жьҭаарамзазы 160 коронавирус хҭыс азгәаҭоуп

Анаркотикқәа рҿагылара

Аԥснытәи азинхьчаҩцәа амчыбжь аҩныҵҟа иааныркылеит анаркотикқәа рыҭира зҽазызшәоз ахаҿқәа маҷҩымкәа.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит ҳәа аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иаанкылаз, 30 шықәса зхыҵуа атәымтәылауаҩ игәҭакын Аԥсныҟа 300 грамм аметадон алагалара. Анаркотиктә маҭәашьар згәылаз аилаҳәара автомашьынаҿ иҵәахын, иаарԥшын аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны агәаҭараан.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәеи аоперативтә информациа нарыгӡоит азакәан инақәыршәаны аӡбрақәа рыдкыларазы.
Аԥсны
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсныҟа хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа ралагалара аԥдырҟәҟәааит
Санкт-Петербург инхо Алексеи Алексеев даанкылоуп хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа ааихәон, иҵәахны иман, имҩанигон, иҭиуан ҳәа.
Алексеев иаанкылараан идбалан аметадон граммк-граммк згәылаз аилаҳәара. Иара игәҭакын аҵәахырҭа маӡақәа рхархәарала аларҵәара.
Иара идбалан 130 грамм анаркотик. Алексеев иажәақәа рыла, изыршәараны иҟан 300 - 400 нызқь мааҭ. Ашьаус хацыркуп. Алексеев ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
Аԥсны
Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз Урыстәыла атәылауаҩ даанкылоуп
Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭа анхаҩы Оҭар Гәыблиа иҩны анеимырдоз, идырбалеит 1,2 кьыла амарихуана.
46 шықәса зхыҵуа Гәыблиа иҿы ирбеит ирҩаны иҟаз аҵиаашьапқәа, иара убас анаркотикатә маҭәашьар злоу даҽа ҵиаашьапык рбеит иҩны иаҵанакуа абаҳчаҿы.
Оҭар Гәыблиа ихаҭа иакәзар, данааныркылоз анаркотикатә маҭәашьар амарихуанеи аметадони идкыланы дыҟан.
Аԥсны
Кьылак еиҳаны амарихуана имырхит Аҟәа араион анхаҩы