Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаараҿы 2023-шықәсазтәи Аинвестпрограмма анагӡара иалацәажәеит

© Foto / Пресс-служба Кабинета министров Абхазии Реализацию Инвестпрограммы в 2023 году обсудили в Кабмине Абхазии
Реализацию Инвестпрограммы в 2023 году обсудили в Кабмине Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2023
Анапаҵаҩра
2023-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма ҿыц анапы аҵаҩын Москва нанҳәамза 2022 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Акапиталтә ргылара аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба далархәны 2023 шықәсазтәи Аинвестпрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара атәы далацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иара убас, аилатәараҿ иазааҭгылан Аҳәынҭқарра ахадеи Аминистрцәа реилазаареи ррезервтә фондқәа иоурыжьыз аԥарақәа рыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара шымҩаԥысуа.

Аинвестпрограммала 2023 шықәсазы рынагӡара азгәаҭоуп 24 усмҩаԥгатә. Урҭ рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. 215 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аԥара ззоужьу, зеиҭашьақәыргыларагьы ахыркәшарахь инеихьоу аргыларақәа ирықәхарџьу рзеиԥш еицҵалыҵ 900 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ иаанхаз аусурақәа мҩаԥгахоит ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа.
Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо Гагра араион амҩаду аҟны аҵаргәатә ҭыӡқәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара. Аангыларҭа маҷқәа "Алаҳаӡы", "Бзыԥ", "Аҟәа" рыҟны аиҭашьақәыргылара. Гәдоуҭа ақалақь аҿы х-мҩадук рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нагӡоуп, иарбоу ахыбрақәа ахархәарахь ирыҭоуп. Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо автомҩа арлашаратә усурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп. Аҟәа ақалақь, Џьонуа, Гәлиа, Воронов, Коӷониа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиқәыршәаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Гәылрыԥшь араион аҿы ԥшь-усмҩаԥгатәк азгәаҭоуп амашьынамҩақәа реиҭашьақәыргылареи агәамкаԥсарҭатә дәы ахыркәшареи. Ҭҟәарчал араион аҿы Ҭҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩеи ақалақь аӡымҩангагатә цәаҳәақәеи реиҭашьақәыргылара.
Сессия Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2023
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аԥсны аиҳабыреи ахадеи ррезервтә фондқәа рҟынтәи аремонт ззыруа аобиектқәа рыӡбахә ҳәоуп
Зеицҵалыҵ 270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо Ареспубликатә биуџьет ахатә ԥарақәа рыла 74 усмҩаԥгатә анагӡара иазгәаҭаз рҟынтәи 48 хыркәшоуп, егьырҭ ашықәс нҵәаанӡа инагӡахоит. Асоциалтә ҵакы змоу аргыларақәа реиҭашьақәыргылара иақәхарџьхоит 270 млн. мааҭ.
170 миллион мааҭ инареиҳаны атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи 23 еиқәшаҳаҭрақәа ирықәхарџьхоит. Урҭ рахьынтә инагӡоуп - аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраз аусмҩаԥгатәқәа, ацҳақәа рыргылара, аҵаргәатә ҭыӡқәа рырӷәӷәара.
Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи иазгәаҭан 39 усмҩаԥгатә. Урҭ ирықәхарџьхеит 142 млн. мааҭ, инагӡоуп - 31.
Ажәабжьқәа зегьы
0